Каиа Каллас  - Иран атомтә бџьар аҧҵара азин аҳамҭароуп, избанзар уи жәларбжьаратәи ашәарҭадара иаҧырхагахоит
Каиа Каллас  - Иран атомтә бџьар аҧҵара азин аҳамҭароуп, избанзар уи жәларбжьаратәи ашәарҭадара иаҧырхагахоит

Иран атомтә бџьар аҧҵара азин аҳамҭароуп, избанзар уи жәларбжьаратәи ашәарҭадара иаҧырхагахоит, – илҩит  адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас асоциалтә аҳаҿы.

Каллас аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟалҵеит аиҿцәажәара еиҭалагарц. Лара лажәақәа рыла,  ашәахьазы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ари азҵаара иалацәажәоит.

„Иран атомтә бџьар аҧҵара азин аҳамҭароуп, избанзар уи жәларбжьаратәи ашәарҭадара иаҧырхагахоит. Аганқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит наҟ-наҟ аескалациа ҟамларцаз  аиҿцәажәара еиҭалагарц. Ашәахьазы Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа уажәтәи аҭагылазаашьа иалацәажәоит“, – илҩит Каиа Каллас.