Каиа Каллас – Иахьа ҳара адипломатиатә паспортқәа змоу ауаа арежим рзаанкыларазы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Еврокомиссиа ари азҵаара  сынтәа иахәаҧшуеит
Каиа Каллас – Иахьа ҳара адипломатиатә паспортқәа змоу ауаа арежим рзаанкыларазы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Еврокомиссиа ари азҵаара  сынтәа иахәаҧшуеит

«Аҭагылазаашьа ақырҭуа жәлар ишрыхәҭам  еиҧш аҿиара иаҿуп.  Адемократиақәа аоппозициаа рбыжьқәа рхәаҽуам,  АИХқәа рхақәиҭра иаҧырхагам. Абри зегьы амшала,  ҳара Қырҭтәыла анапхгара аҧара рзоушьҭра ҳаҟәыҵит», — илҳәеит Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Каиа Каллас.

Бриуссель имҩаҧгаз Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реилатәара ашьҭахь имҩаҧгаз апресс-конференциаҿы Каллас ишылҳәаз ала,  Евроеидгыла наҟ-наҟгьы ақырҭуа жәлар ирыдгылоит.

«Иахьа ҳара адипломатиатә паспортқәа змоу ауаа арежим рзаанкыларазы ҳаиқәшаҳаҭхеит, Еврокомиссиа ари азҵаара  сынтәа иахәаҧшуеит. Иара убас, ҳара аҭынчратә демонстрантцәа рганахьала амчылара   зхароу амаҵзурауаа  асанкциақәа рзышьақәҳаргылеит. Ҳара ақырҭуа жәлар ҳрыдгылоит, аиҳабыра ирызкыз аҧара зегьы  ақырҭуа жәлари, атәылауаҩратә уаажәларреи, ихьыҧшым АИХқәеи ираҳҭоит, избанзар, Сириа еиҧшҵәҟьа, Қырҭтәыла аҧеиҧшгьы ари атәыла ауааҧсыра иртәуп», — илҳәеит Каллас.