Каиа Каллас - Арратә цхыраара ҳарӷәӷәароуп, ари аныҟаҳамҵа, Украина  аҭынч тәылауаа иаҳа иҳараку ахә ашәара рықәшәоит
Каиа Каллас - Арратә цхыраара ҳарӷәӷәароуп, ари аныҟаҳамҵа, Украина аҭынч тәылауаа иаҳа иҳараку ахә ашәара рықәшәоит

Адәныҟатәи аусқәеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Каиа Каллас иҟалҵаз аҳәамҭала, Украина аганахьала Урыстәыла иаза имҩаԥнагаз аракетатә жәыларала иубарҭоуп Владимир Путин аҭынчра шиҭахым.

„Путин даҽазнык иаҳирбеит аҭынчра шиҭахым. Арратә цхыраара ҳарӷәӷәароуп, ари аныҟаҳамҵа, Украина иаҳа ирацәаны аҭынч тәылауаа ахә ҳарак ашәара рықәшәоит“, – илҩит Каллас асоциалтә ҳа Х аҿы.

иаха Урыстәыла украинатәи Доброполье ақалақь аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан 11-ҩык ҭахеит, 30-ҩык ахәрақәа роуит. Аԥсыҭбарақәа иреиуп хәҩык ахәыҷқәа. Ажәылара дақәҿиҭит Украина ахада Володимр Зеленскигьы, иажәақәа рыла, “Абри еиԥш ажәыларақәа рыла иубарҭоуп Урыстәыла ахатә хықәкқәа рыԥсахра агәы ишҭам, аҳаиртә хыхьчара иаҳа иӷәӷәатәуп, асанкциақәа иаҳа иџьбаратәуп”.