Џьесика Росваль – Стокгольмтәи аминистериал аҿы ареформақәа рхырхарҭала Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи ирымоу ақәҿиарақәа ирызку адыррақәа ҳарзыӡырҩыр ҳҭахуп

11:56, 22.06.2023

Акомиссиаҿ ҿырҳәалатәи аӡырҩра ҳамазаауеит Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рҿы ареформақәа рымҩагара апроцесс аҿы иҟоу апрогресс иазкны, – илҳәеит Евроеидгыла азҵаарақәа рзы Щвециа аминистр Џьесика Росваль  Стокгольм имҩаԥысуа иформалым аминистериал иалагаанӡа.

Џьесика Росваль лажаа рыла, иахьати аминистериал аҿы Евроеидгыла арҭбаара азҵаара ирыхәаԥшуеит

„Иахьа сколлегацәа иаасыԥхьеит Евроеидгыла аԥеиԥш аҽазыҟаҵареи иашьҭанеиуа арҭбаареи рыхцәажәаразы. Ари адискуссиа алагара аҵак ду амоуп. комиссиаҿ ҿырҳәалатәи аӡырҩра ҳамазаауеит Украинеи, Қырҭтәылеи, Молдовеи рҿы ареформақәа рымҩагара апроцесс аҿы иҟоу апрогресс иазкны.

Аминистериал аҿы ареформақәа рхырхарҭала Қырҭтәылеи, Молдовеи, Украинеи ирымоу ақәҿиарақәа ирызку адыррақәа ҳарзыӡырҩыр ҳҭахуп. Швециа ари азҵаара адгылоит. Ҳаарарҭ хтәылак рызҵаара акәым, евроеидгыла арҭбааразы аҽазыҟаҵара ҳахцәажәоит”, – иләҳеит Џьесика Росваль.

Еиԥшу