Џьулиан Смит - Қырҭтәыла аиҳабыра ажәлар ирзыӡырҩны, иашьашәалоу аполитика мҩаҧыргар ҳҭахуп, абри ауп «Ақырҭуа гәахәтәы» ирабжьааго
Қырҭтәыла аиҳабыра ажәлар ирзыӡырҩны, иашьашәалоу аполитика мҩаҧыргар ҳҭахуп, абри ауп «Ақырҭуа гәахәтәы» ирыбжьааго» — илҳәеит НАТО иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Џьулиан Смит Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист Қырҭтәыла апарламент ала атәыла ахада лвето аиааира иазкны данлазҵаа.
Џьулиан Смит лажәақәа рыла, ақырҭуа жәлар мраҭашәаратә институтқәа рхырхарҭала ацара иӡбаны ирымоуп.
«Сара Америка аиҳабыра рпозициа аасырҧшуеит. Ақырҭуа жәлар мраҭашәаратә институтқәа рхырхарҭала ацара иӡбаны ирымоуп, уи лабҿаба иубарҭоуп. Қырҭтәыла хымҧада НАТОи Евроеидгылеи ирылалароуп ҳәа ргәы иаанагоит. Уи шьақәырҕәҕәоуп Қырҭтәыла имҩаҧгаз аҭҵаарақәа рылагьы. Уи аадырҧшуеит Атәым анырра аартызаара иазку азакәан иаҿагыланы адәахьы идәылҵыз ауааҧсырагьы. Ақырҭуа жәлар ирҭаху лабҿаба иубарҭоуп. Убри азоуп Америка ари азакәан адкылара изақәыӡбаз. Ишыжәдыруа еиҧш, Америка аиҳабыра Қырҭтәылаҿ адемократиа иаҿагыло ауааҧсыра ирҿагыланы аконкреттә шьаҿақәа рыҟаҵара ргәы иҭоуп. Лымкаала, ҳара авизатә политика ҳаиҭахәаҧшуеит. Америка апозициа еилкаауп. НАТО егьырҭ алахәылацәагьы Евроеидгылагьы абасҵәҟьа ргәы иаанагоит. Қырҭтәыла аиҳабыра ажәлар ирзыӡырҩны, иашьашәалоу аполитика мҩаҧыргар ҳҭахуп, абри ауп «Ақырҭуа гәахәтәы» ирыбжьааго», — илҳәеит Џьулиан Смит.