Џьуаншер Бурҷулаӡе - Жәларбжьаратәи апартниорцәа рполитикатәи рпрактикатә адгылара ахә ҳшьоит
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧҩгаз ауснагӡатә аҿы адныҳәалара аныҟаиҵоз, арегионаҿ иуадаҩу аҭагылазаашьа далацәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы атәыла аҳәынҭқарратә институтқәа, ҷыдала, Атәылахьчаратә мчқәа рырҕәҕәара аҵакы.
Џьуаншер Бурҷулаӡе атәыла аҧыза-министр ипрогмативтә политика дазааҭгылеит.
«Амшын еиқәа арегионаҿ аибашьра анымҩаҧысуа аамҭазы, Европа ашәарҭадаратә архитектура ашәарҭара ианҭагыло, ҳара хықәкык ауп иҳамоу — атәыла иаҳа арҕәҕәара. Ҳаиҳабыра, апарламент аҟны аусеицура ала, ашьаҭа ҕәҕәа аҧырҵеит аруаа рсоциалтә аиқәыршәареи аинституциатә реформақәа рымҩаҧгареи азыҳәан», — иҳәеит Џьуаншер Бурҷулаӡе .