Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг диҧылеит. Аиҧылара мҩаҧган Бриуссель, НАТО аштаб-уадаҿы.
Аганқәа рхааҭарнакцәа, арегион аҿы иҟоу апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, Амшын еиқәа арегион аҿы НАТО алахәызаара аизырҳара иалацәажәеит.
Џьуаншер Бурҷулаӡе ишиҳәаз ала, НАТО ашҟа аинтеграциа апроцесс аҿы излауа ала апрогресс аизырҳаразы, Қырҭтәыла, алианс аҟны аусеицуразы иҟоу амеханизмқәа зегьы рхархәара иаҿуп.
Ақырҭуа министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла, ҳаҧхьаҟагьы, азеиҧш шәарҭадара аиқәыршәара аус ишалахәызаауа. Џьуаншер Бурҷулаӡе ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы алианс аҟны қәҿиарала аусеицура нанагӡоит, уи НАТОи Қырҭтәылеи рполитикатә еизыҟазаашьақәа рҿы апрогресс ахылҵып ҳәа дгәыҕуеит.
Иенс Столтенберг ишазгәеиҭаз ала, Алианс алахәылацәа НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара иадгылоит. Иара ақырҭуа аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит НАТО анапхгарала Афганистан имҩаҧысуа «Адгылара ҕәҕәа амиссиа» аҿы алагала ду азыҳәан.
Анформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.