Џьуаншер Бурҷулаӡе - Ҳазҭагылоу аетап аҿы ҳара ҳзы ихадоу априоритет ауп акандидат статус аиура, уи ашьҭахь Евроеидгыла алалара
Џьуаншер Бурҷулаӡе - Ҳазҭагылоу аетап аҿы ҳара ҳзы ихадоу априоритет ауп акандидат статус аиура, уи ашьҭахь Евроеидгыла алалара

Ҳазҭагылоу аетап аҿы ҳара ҳзы ихадоу априоритет ауп акандидат статус аиура, уи ашьҭахь Евроеидгыла алалара, – Қырҭтәыла Актәи аканал адырраҭара “Зхы иақәиҭу агәаанагара” аҿы иҳәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе.

Аминистр иажәақәа рыла, ауаааԥсыра ршәарҭадареи, агарантиақәеи ихырҳагоу аҭагылазаашьеи раԥҵаразы, атәыла аколлективтә шәарҭадарахь ахы рхазароуп, аколлективтә шәарҭадара алалара арискқәа, аибашьра аимак иацзар, ари алогика иалам.

Адырраҭара амҩаԥгаҩ Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр азҵаара изықәиргылеит Украина ицо аибашьра ашьҭахь европатәи ашәарҭадаратә архитектура зеиԥшрахои ҳәа. Ари азы Џьуаншер Бурҷулаӡе иҳәеит – Европаҿ аҭынчра шьақәгылоит ҳәа.