Џьуаншер Бурҷулаӡе - Апилотдатә аҧырратә аҧшыхәратә аппаратқәа рааглыхратә ақырҭуа-полиактәи наплакы аҧҵоуп
«Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы апилотдатә аҧырратә аҧшыхәратә аппаратқәа рааглыхратә ақырҭуа-полиактәи наплакы аҧҵоуп. Уи ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рыла еиқәыршәоуп. Иара убас уааҵәҟьа еиҿкаахоит иашьашәалоу аибыҭара зауа аҵаратә центр», — иҳәеит атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе апарламент аҿы аҳасабырба аӡыргара анымҩаҧигоз.
Иара иажәақәа рыла, ашықәс анҵәамҭанӡа аилахәыра «Дельта Вебе» ақырҭуа апилотдатә аҧырратә аппаратқәа рыҟаҵара иалагоит.
Аминистр ишазгәеиҭаз ала, «Ҭбилавиамшении» «Дельтеи» рыцхыраарала, аҳаирпланқәа реиҭашьақәыргылареи рмодернизациеи иазку аусурақәа активла инагӡоит.
«Ари апроцесс активла инагӡоит. НАТО астандартқәа ирышьашәалоу авинтовкақәа GI-4 рыҟаҵареи рҧышәареи иалагахьеит. Аҧышәара ашьҭахь абџьар ахархәара иалагоит. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы «Дельта» аҿы иҟаҵоу 50 раҟара амодификациақәа Атәылахьчаратә мчқәа ираҳҭахьеит. Ари апроцесс нагӡахоит», — иҳәеит Бурҷулаӡе.