Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп
Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп

Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе аофициалтә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп.

Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, Џьуаншер Бурҷулаӡе Шәамахьтәыла атәылахьчара аминистр Аршак Карапетиан диԥылеит. Аԥылара аофициалтә церемониа ашьҭахь, Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи ртәылахьчара министрцәа ҩтәылак рыбжьара атәылахьчара ахырхарҭаҿ уажәтәии иҟалаша аусеицура азҵаарақәа ишиашоу еиԥылараҿ ирыхәаԥшит. Аганқәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәеи,  арегион аҟны аҭынчреи аҭышәынтәалареи рҵакы иазааҭгылеит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистр Џьуаншер Бурҷулаӡе Шәамахьтәылатәи ареспублика аԥыза-министр Никол Ԥашиниан диԥылоит.