Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр  Хулуси Акар диҧылеит
Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр  Хулуси Акар диҧылеит

Х-ганктәи аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр иколлегацәа рҟны ҩ-ганктәи аиҧыларақәа мҩаҧигоит.

Џьуаншер Бурҷулаӡе Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистр  Хулуси Акар диҧылеит.

Аколлегацәа ҩ-ганктәии х-ганктәии аформатқәа рҿы аусеицура иалацәажәеит. Иара убас, НАТО аҟны аусеицуреи арратә аҵареи жәларбжьаратәи аҭҵаарақәеи ахырхарҭала аимадарақәа рырҭбареи иазааҭгылеит.

Иара убас, аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра рызун  ашәарҭадара аганахьала арегионаҿы аҭагылазаашьеи, азҳара иаҿу ашәарҭарақәеи, Украина имҩаҧысуа урыстәылатәи агрессиеи.

Қырҭтәылеи, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани рыбжьара х-ганктәи атәылахьчаратә усеицура иалагеит  2012 шықәсазы. Сынтәа х-ганктәи аминистериал Ҭырқәтәыла имҩаҧысуеит.

Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Атәылахьчара аминистрра.