Џьонатан Џьаногли - Ақырҭуаа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни аибашьра иалагароуп ҳәа зҳәо ауааҧсыра ргәы иҽанны ирызныҟәоит, уи иҟамлаша усуп
«Ақырҭуаа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни аибашьра иалагароуп ҳәа зҳәо ауааҧсыра ргәы иҽанны ирызныҟәоит, уи иҟамлаша усуп», — иҳәеит Қырҭтәыла-Британиатә апарламенттә аиҩызаратә гәыҩ анапхгаҩы Џьонатан Џьаногли.
«2008 шықәсазы аурысцәа Қырҭтәыла ианажәыла, ақырҭуаа ацхыраара иақәгәыҕны, аибашьра ҟалом ҳәа ргәы иаанагон. Убри аҟынтә, уажәы ақырҭуаа ргәы рҽануп. Уажәтәи аҭагылазаашьа шәахәаҧшыр, лабҿаба ижәбоит ақырҭуаа Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни аибашьра иалагароуп ҳәа зҳәо ауааҧсыра ргәы рҽанны ишрызныҟәо. Уи иҟамлаша усуп. Ари атәыла Уельс иаҟароуп, сымҩашьозар, 3,5 миллионҩык иҟоуп. Дара урыстәылатәи ар ириааиуеит ҳәа иҟоу агәаанагара ииашам, уи зыҟалом.
Аха, егьи аганахьала, Мраҭашәара Қырҭтәылеи Украинеи бџьарла еибырҭар, урыстәылатәи ажәылара ашәарҭара маҷхон. Уажәы ҳашреиҷаҳауа еиҧш усҟангьы ҳрыдгылазҭгьы, абри аҟара ауаа ҭахомызт, абри аҟара аҵакырадгьылқәа рцәыӡуамызт. Сгәы ишаанаго ала, Урыстәыла ибзиаҵәҟьаны ирдыруан Қырҭтәылеи Украинеи рахь ишынаҳашьҭуа», — иҳәеит Џьаногли.