Џьо Баиден аиашахаҵаратә қьырсианцәа Қьырса аныҳәа ду рыдиныҳәалеит
Америка ахада Џьо Баиден аиашахаҵаратә қьырсианцәа Қьырса аныҳәа ду рыдиныҳәалеит.
«Џьилли сареи адунеи иқәынхо аиашахаҵаратә кьырсианцәа зегьы аҭынчреи анасыҧи рзеиҕьаҳшьоит. Абри аныҳәа цқьа азы адунеи зыҧсахыр зылшо агәрахаҵара амч азгәаҳҭоит. Абри Ашықәс ҿыц азы аиашахаҵара ныҟәызго ҳаҳәшьцәеи ҳашьцәеи ҳрывагыланы, Анцәа ихылҵ зегьы рзы ҳныҳәоит», — иҩит Баиден Twitter аҿы.