Џьин Шаҳин -"Ақырҭуа гәахәтәы" ахада лвето аиааира аӡбара ахьаднакылаз ҳгәы хшәеит, аха џьаҳамшьеит
Асенатор Џьин Шаҳин Қырҭтәыла ахада вето зқәылҵаз “Атәым нырра аартызаара иазку” азакәан Қырҭтәыла апарламент адкылара иадҳәаланы асоциалтә каҭаҿы аҳәамҭа ҟалҵеит.
“Ақырҭуа гәахәтәы” Қырҭтәыла ахада лвето аиааира аӡбара ахьаднакылаз ҳгәы хшәеит, аха џьаҳамшьеит. “Ақырҭуа жәлар ракт” Қырҭтәыла адемократиа ашәарҭа ҭазыргыло, ажәлар ргәаанагара иаҿагыло ахаҿқәа аҭакԥхықәра рықәҵара иазкуп”, – илҩит Шаҳин.