Џьим Риши Џьин Шаҳини  - Ақырҭуа жәлар адемократиеи ииашоу, зхы иақәиҭу азинӡбареи, азакәан аиҳаӡареи рымазар ирықәнагоит
Џьим Риши Џьин Шаҳини  - Ақырҭуа жәлар адемократиеи ииашоу, зхы иақәиҭу азинӡбареи, азакәан аиҳаӡареи рымазар ирықәнагоит

Ақырҭуа жәлар адемократиеи ииашоу, зхы иақәиҭу азинӡбареи, азакәан аиҳаӡареи рымазар ирықәнагоит,  – иануп ЕАШ асенат адәныҟатёи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Џьим Риши Џьин Шаҳини  еиҵыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.

Америкатәи асенаторцәа аполитикатә партиақәа еилацәажәарақәа ирылагарц ирабжьыргоит.

«Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи аамҭзы аҭыԥ змаз аполитикатә хҭысқәа ирыдҳәаланы агәынамӡара ааҳарԥшуеит. Ақырҭуа жәлар адемократиеи ииашоу, зхы иақәиҭу азинӡбареи, азакәан аиҳаӡареи рымазар ирықәнагоит. Иҳыҩсыз ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла аофициалтә хаҭарнакцәа рҿаԥхьа изныкымкуа иқәҳаргылахьеит аполитикатә кыдцара иазкыз азҵаара. Аоппозициаа рлидер Ника Мелиа иҭакра аԥыхра даара харгәырӷьеит, аха ари иахәамԥшыкуа абри еиԥш аполитикатә кыдцареи аанкыларақәеи аҭыԥ рымамзароуп.Аполитикатә спектр алахәылацәа зегьы еилацәажәарақәа реишәа азыхынҳәроуп, аполитикатә ҭагылазаашьа иҭышәынтәалазароуп. Атәыла аполитикатә кризис ҭынч мҩала хара имгакуа иалҵроуп,» – иануп асенаторцәа еицыҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.