Џьим Риш - Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы ЕАШ ахаразду ахаҿқәа  аҭакԥхықәра ахьрыднаҵаз даара сеигәырӷоит
Џьим Риш - Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы ЕАШ ахаразду ахаҿқәа  аҭакԥхықәра ахьрыднаҵаз даара сеигәырӷоит

Америкатә сенатор, адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет алахәыла Џьим Риш ЕАШ афинансқәа рдепартамент Звиад Харазишвилии, Миллери Лагазаурии, Константине Моргошиеи, Зураб Махараӡеи ирзышьақәнаргылаз асанкциақәа дрыхцәажәеит.

“Қырҭтәыла ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы ЕАШ ахаразду ахаҿқәа  аҭакԥхықәра ахьрыднаҵаз даара сеигәырӷоит. Қырҭтәыла атәылауаа акгьы иацәымшәакуа ажәа ахақәиҭреи аизареи рзин ахархәара рылшароуп”, – иҩит Џьим Риш.