Џьим О'Браиен - Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи ирыдаҳныҳәалоит ревропатәи ҽазышәарақәа ирызкны Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбарақәа
Џьим О'Браиен - Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи ирыдаҳныҳәалоит ревропатәи ҽазышәарақәа ирызкны Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбарақәа

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  Џьим О’Браиен  Қырҭтәыла адиныҳәалеит  Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус аиура.

Џьим О’Браиен  Twitter аҿы ишиҩыз ала, Евроеидгыла арҭбаара иазкны Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбарақәа атрансатлантикатә партниорразы аҵакы ду рымоуп ҳәа игәы иаанагоит.

«Евроеидгыла арҭбаара иазкны Европатәи ахеилак аҟынтә ажәабжь бзиаӡа ҳауит. Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниеи Герцеговинеи ирыдаҳныҳәалоит ревропатәи ҽазышәарақәа ирызкны Европатәи ахеилак иаднакылаз аӡбарақәа. Арҭ аӡбарақәа  атрансатлантикатә партниорразы аҵакы ду рымоуп ҳәа сгәы иаанагоит», — иҩит  Џьим О’Браиен.