Џьерри Конноли -Аинтеграциа апроцесс иманшәалахар азы Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәа рырӷәӷәара нанагӡароуп, аднакылароуп адемократиатә хәынаӡрақәа
Аинтеграциа апроцесс иманшәалахар азы Қырҭтәыла адемократиатә хәынаӡарақәа рырӷәӷәара нанагӡароуп, аднакылароуп адемократиатә хәынаӡрақәеи анормақәеи, апрактикеи, – Нато апарламенттә ассамблеиа афоие аҿы имҩаԥгаз апрессконференциа аҿы иҳәеит Нато апарламенттә ассамблеиа ахада Џьерри Конноли.
“2008 шықәса инаркны иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла арегоинқәа – Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла ала импыҵахалоуп ҳәа. Ари 2008 шықәсазы ЕАШ имҩаԥгаз алхрақәа раан апрезиденттә кампаниа азҵаарақәа иреиуан, ари азҵаара иабзоураны усҟан Џьо Баиден вице-ахада иҭыԥ ааникылеит. Ари азҵаара ҳара ҳзы аҵак ду амоуп. Натотәи ҳколлегацәа иманшәалоу аинтеграциа абара шырҭаху иаадыруеит. Ихадароу азҵаароуп, ҷыдала Украина иҟоу ахҭысқәа рфонаҿ, Урыстәыла Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи рҿы имҩаԥнаго агресиа ибзиаӡаны иаабоит. 21-тәи ашәышықәсазы апроблемақәа рҭыԥқәҵара, атәылақәа ахақәиҭра ахьырҭаху аҟынтә, егьырҭ атәылақәа рҵакырадгьылқәа рықәлара, аннексиа ала ҟалом, Урыстәылаҿ ари еилыркаароуп. Ари зыдкылашьа ҟалом стандартқәа роуп, ҳара ари ҳаҿагылоит. Ари аконтекст аҿы ҳара Қырҭтәыла, апартниор аҳасабла, ҳацлар ҳҭахуп”, – иҳәеит Конноли.