Џьеимс О'Браиен – Қырҭтәылеи Молдовеи рҿы иҟоу аимакқәа рҭыҧқәҵаразы аҧхықәра ҿыцқәа ҳгароуп
«Сколлегацәа срықәшаҳаҭуп, иҳаҩсыз ашықәс даараӡа иуадаҩын. Урыстәыла ала Украина ажәылара ацивилизациатә стандартқәеи, жәларбжьаратәи зини, Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахадаратә принципқәеи еиланагоит», — иҳәеит Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Џьеимс О’Брайен.
Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Скопие имҩаҧысуа Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара аминистериалаҿ.
«Қырҭтәылеи Молдовеи аимакқәа инагӡоит, урҭ рҭыҧқәҵаразы аҧхықәра ҿыцқәа ҳхы иадаҳҵароуп. Арҭ атәылақәа рхатә уааҧсыра ргәазыҳәара нарыгӡаратәы алшара рыҭатәуп, азакәан аиҳаӡара иақәныҟәо аҳәынҭқаррақәа реилазаара иалахәызароуп», — иҳәеит Џьеимс О’Браиен.