Џьеимс О’Браиен - Қырҭтәыла аиҳабыра аусура ду мҩаҧыргеит, иуадаҩу асистема иҟоуп, уи аусура нанагӡар, иқәиҭыму атауарқәа рыла ахәаахәҭра инагӡоу инамгӡоу еилаҳкаар ҳалшоит
Америка Аҳәынҭқарратә департамент асанкциақәа ркоординациа аҟәша аиҳабы Џьеимс О’Браиен Қарҭ имҩаҧгаз апресс-конференциаҿ ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари ибзианы еилыркаауеит агәыларатә тәылақәа иржәыло ампыҵахалаҩ иаанкылара аҵакы ду шамоу.
«Сара иҟалар зылшо асанкциақәеи аконкреттә фактқәеи срылацәажәом. Ҳара ибзианы иаабоит Қырҭтәыла аиҳабыра аусура ду шымҩаҧыргаз, иуадаҩу асистема иҟоуп, уи аусура нанагӡар, иқәиҭыму атауарқәа рыла ахәаахәҭра инагӡоу инамгӡоу еилаҳкаар ҳалшоит. Ари асистема ҿыцуп, ҳара уи еиҕьаҳтәуеит. Ҳазну ашықәс алагамҭанӡа аелектронтә тауарқәа рыла ахәаахәҭра ҟалон. Аха, жәабран анҵәамҭаз Америка аиҳабыреи, Британиа Дуи, Евроеидгылеи аелектронтә тауарқәа рыла ахәаахәҭра иқәымҭымыртәит. Убри ашьҭахь Урыстәыла агәылара иҟоу атәылақәа рҿы ахәаахәҭра адинамика аҽаҧсахит. Қырҭтәылагьы асистема шыҟоу аабоит, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ари асистема алҵшәа бзиа ахылҵырцаз.
Ҳареи Қырҭтәыла аиҳабыреи ҳпозициақәа еиҧшуп, дара ибзианы ирдыруеит Урыстәыла абри аҩыза атауарқәа аиур шыҟамло. Сгәы ишаанаго ала, Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари ибзианы еилыркаауеит агәыларатә тәылақәа иржәыло ампыҵахалаҩ иаанкылара аҵакы ду шамоу. Урыстәыла аибашьра анагӡаразы иаҭаху атауарқәа аиур ҟалом, абри ауп ихадоу, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ари ахырхарҭала ихырҳагоу аусеицура мҩаҧган», — иҳәеит Џьеимс О’Браиен.