Џьеимс  Клеверли -  Ҳара акибержәылақәа аҽацәыхьчараҿы Қырҭтәыла ацхраара ҳгәы иҭоуп, ари атәыла Евроеидгылеи НАТОи иаҳа рзааигәахара алшарц азыҳәан
Џьеимс  Клеверли -  Ҳара акибержәылақәа аҽацәыхьчараҿы Қырҭтәыла ацхраара ҳгәы иҭоуп, ари атәыла Евроеидгылеи НАТОи иаҳа рзааигәахара алшарц азыҳәан

«Ҳара акибержәылақәа рҽацәыхьчараҿы Қырҭтәыла ацхраара ҳгәы иҭоуп, ари атәыла Евроеидгылеи НАТОи иаҳа рзааигәахара алшарц азыҳәан», — иҳәеит Британиа Ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Џьеимс  Клеверли Қырҭтәыла Актәи аканал азҵаара аҭак анеиҭоз.

Актәи аканал ажурналист Џьеимс  Клеверли диазҵааит НАТО алахәылацәа,  лымкаала Британиа  Қырҭтәылеи Молдовеи ирзоунашьҭуа ацхыраара изызкуи ҳәа.

«Уажәааны сахьыҟаз анхарҭатә пункт ҩ-хәҭакла ишоуп, ганкаҿ урыстәылатәи арбџьармчқәа гылоуп, уахь амҩа иаркуп. Абра, Қырҭтәыла, урыстәылатәи арбџьармчқәа гылоуп.  Уажәы абра ҧаса иҟаз аиҿагылара иҟам, аха, Қырҭтәылазы иахьагьы агибридтә жәыларақәа мҩаҧысуеит ҳәа сгәы иаанагоит. Акибержәыларақәа шыҟаз аадыруеит,  акибержәылақәа рҽацәыхьчараҿы Қырҭтәыла ҳацхраар ҳҭахуп.  Қырҭтәыла ауааҧсыра ргәаанагара аҧсахреи аполитикатә ҭагылазаашьа иазкны ииашам аинформациа аларҵәареи аҽазкрақәа шыҟаз аадыруеит, ҳәарада апропаганда ду мҩаҧысуан.  Ҳара зхы иақәиҭу, иаарту АИХқәеи ихьыҧшым аинститутқәеи  ҳрыцхраар ҳҭахуп.  Акибержәылақәа рҽацәыхьчараҿы Қырҭтәыла ацхраара ҳгәы иҭоуп, ари атәыла Евроеидгылеи НАТОи иаҳа рзааигәахара алшарц азыҳәан», — иҳәеит  Џьеимс  Клеверли.