Џьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аинформациала, Дональд Трамп иаԥшьгаз ахымца аанкылара иазкыз аиқәшаҳаҭра амч аиуит
Џьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аинформациала, Дональд Трамп иаԥшьгаз ахымца аанкылара иазкыз аиқәшаҳаҭра амч аиуит

Џьамтәыла аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аинформациала, ЕАШ ахада Дональд Трамп иаԥшьгаз ахымца аанкылара  иазкыз аиқәшаҳаҭра амч аиуит.

Израили Џьамтәылеи ржәыларақәа иаашаанӡа нагӡон.  Израиль џьамтәылатәи аракетақәа рҭархара алшеит, аха ракетак Беер Шеба ақалақь аҿы аҩнеихагыладу ақәшәеит. Ԥшьҩык ҭахеит.

Израильтәи аган ахаҭарнакцәа ахымца аанкылара иазкны аҳәамҭа макьана ҟарымҵаӡацт.