Џьо Уилсон - Трамп иинаугурациаҿы иҟаз Қырҭтәыла алегитимтә ахада Саломе Зурабишвили зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара даҳәоит
Жьҭааразы путинисттә „Ақырҭуа гәахәтәы“ арежим Қырҭтәыла алхрақәа рылҵшәақәа рыҧсахит, – иҳәеит аконгрессмен Џьо Уилсон Конгресс аҿы данықәгылоз.
Иара иажәақәа рыла, „арежим ахаҭарнакцәа ақырҭуа жәлар рҧеиҧш рыцәҕьычны, аибашьра зхароу Путини, ирантәи арежими, китаитәи акоммунисттә партиеи ирзырҭиир рҭахуп“.
„Агәымшәара дуу аазырҧшыз ақырҭуа жәлар уажәгьы адәахьы игылоуп. Ақырҭуаа 80% Америкаҟны аиҩызареи, НАТОи Евроеидгылеи рылахәызаареи рҭахуп, аха, арежим амчылареи абаандаҩтәрақәеи рыла аҭак ҟарҵоит.
Арежим Амшын еиқәа абаҕәаза китаитәи акоммунисттә партиа иарҭеит, ирантәи арежим ахада Дональд Трамп ишьра анырҭахыз аамҭазы, ақырҭуа режим Ҭегеран иаҭааит.
Трамп иинаугурациаҿы иҟаз Қырҭтәыла алегитимтә ахада Саломе Зурабишвили зхы иақәиҭу ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара даҳәоит“, – иҳәеит Џьо Уилсон.