Џьо Баидени Володимир Зеленскии ҭелла реиҿцәажәара аан, ЕАШ Урыстәыла азын аднакылаз асанкциақәеи Украина аҳауатә шәарҭадара азҵаареи ирыхәаԥшит
Џьо Баидени Володимир Зеленскии ҭелла реиҿцәажәара аан, ЕАШ Урыстәыла азын аднакылаз асанкциақәеи Украина аҳауатә шәарҭадара азҵаареи ирыхәаԥшит

ЕАШ ахада Џьо Баидени Украина ахада Володимир Зеленскии ҭелла еиҿцәажәеит.

“Роитер” аинформациа ала, Џьо Баидени Володимир Зеленскии ЕАШ Урыстәыла аганахьала аднакылаз асанкциақәеи Украина аҳауатә шәарҭадара азҵаареи ирыхәаԥшит.

„Аибашьра ахә Путин иџьыбантә ишәароуп“, – иҳәеит Зеленски асанкциақәа данрыхцәажәоз.

Украина ахада асоциалтә ҳаҿы алаирҵәаз аҳәамҭаҿ Џьо Баиден хышықәса ицо аибашьраҿ адгылареи жәларбжьаратәи ауаажәларра рмобилизациаҿ ЕАШ инанагӡащ аролирзы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит.

Баиден Украина ахақәиҭра азықәԥара адгылара анагӡара аҵакы дахцәажәеит.