Џьим Риш - Қырҭтәыла аиҳабыра активистцәеи, ажурналистцәеи, аоппозициаа рлидерцәеи аҭынч демонстрантцәеи рганахьала ажәыларақәа рымҩаԥгара иаҟәыҵроуп
Қырҭтәыла аиҳабыра активистцәеи, ажурналистцәеи, аоппозициаа рлидерцәеи аҭынч демонстрантцәеи рганахьала ажәыларақәа рымҩаԥгара иаҟәыҵроуп, – иҩит асоциалтә ҳаҿы ЕАШ асенат адәныҟатәи еизыҟазаашьақәа ркомитет ахантәаҩы Џьим Риш.
Риш иажәақәа рыла, аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа ирыхәҭо ирықәыршәатәуп.
”Қырҭтәыла аиҳабыра активистцәеи, ажурналистцәеи, аоппозициаа рлидерцәеи аҭынч демонстрантцәеи рганахьала ажәыларақәа рымҩаԥгара иаҟәыҵроуп. Арҭ аилагарақәа рзы аҭакԥхықәра зду ахаҿқәа ирыхәҭо ирықәыршәатәуп”, – иҩит Риш.