Џь. Д. Венс -  Путин Киев акыраамҭалатәи ахьыҧшымра аиқәыршәара дақәшаҳаҭымхар, Вашингтон, Москва иаҿагыланы, асанкциақәа рышьақәыргылареи арратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи алшоит
Џь. Д. Венс -  Путин Киев акыраамҭалатәи ахьыҧшымра аиқәыршәара дақәшаҳаҭымхар, Вашингтон, Москва иаҿагыланы, асанкциақәа рышьақәыргылареи арратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи алшоит

 

Америка авице-ахада Џь. Д. Венс  иҳәамҭала, Урыстәыла ахада Владимир Путин Киев акыраамҭалатәи ахьыҧшымра еиқәзыршәаша аҭынчратә аиқәшаҳаҭра адкылара  дақәшаҳаҭымхар, Вашингтон, Москва иаҿагыланы, асанкциақәа рышьақәыргылареи арратә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгареи алшоит

Венс ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Wall Street Journal аинтервиу анеиҭоз.

Авице-ахада ишиҳәаз ала, Москва ламысла аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгара аҭахымхар, аиҿцәажәарақәа раан изхәаҧшуа авариантқәа иреиуп америкатә аруаа Украинаҟа рдәықәҵара.

«Ҳәарада, анырразы аекономикатә хархәагақәа иҟоуп,  аха, арратә хархәагақәагьы иҟоуп. Еиуеиҧшым аконфигурациақәа иҟоуп, аха, Украина ахьыҧшымра амазар ҳҭахуп», — иҳәеит Венс.

Америка авице-ахада игәаанагарала,  «зегьы зыршанхо» аиқәшаҳаҭра рыдыркылар ҟалап.

Иара убас, Џь.  Д. Венс ишиҳәаз ала,  аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа инақәыршәаны, Дональд Трамп игәаанагара иҧсахыр ауеит.