Израильтәи аган ҲАМАС аҟынтә иҭахаз ԥшьҩык атҟәацәа рыԥсыбаҩқәа аиуит
Израильтәи аган ҲАМАС аҟынтә иҭахаз ԥшьҩык атҟәацәа рыԥсыбаҩқәа аиуит.
Аџьар Ҟаԥшь аегидала апроцесс Хан-Иунисе аҿы мҩаԥган.
Аԥсыбаҩқәа Бибас аҭаацәара алахәылацәа – ани ҩыџьа лхылҵи иртәуп, урҭ жьҭаара 7 рзы иҟалаз ажәылараан ҭахеит.
ҲАМАС аланарҵәаз адыррақәа рыла,ани аԥацәеи израильтәи авиажәылараан ҭахеит.
Аԥшьбатәи аԥсыбаҩ 85 шықәса зхыҵуаз аветеран-журналист Одед Липшиц итәуп. Иԥҳәыс 2023 шықәсазы доурыжьҭит.