Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахыршә каҳаит, ахыбра аԥхасҭа амоуит
«Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахыршә каҳаит», — аанацҳаит Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәара.
Аусҳәарҭа аинформациала, ахыбра аԥхасҭа амоуит, аусзура нанагӡоит.
«Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа атәылаҿ ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, арежим ҷыдала аусзура нанагӡоит.
Иахьа, Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа ааигәара ахыршә каҳаит, аха ахыбра аԥхасҭа амоуит.
Адипломатиатә хаҭарнакра ашәарҭадаратә маҵзурақәа ринструкциақәа рыла аусзура нанагӡоит.
Қырҭтәыла атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит аҭыԥантәи напхгара ринструкциақәа рықәныҟәарц.
Иацҵаны аинформациа аура шәылшоит ацҳаражәҳәарҭа адаҟьақәа рҿы:
https://israel.mfa.gov.ge/
https://www.facebook.com/GeorgiainIsrael?locale=ka_GE
Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа аҭел аномерқәа роуп: +972 526 919092
ацәаҳәа ҷыда 24/7: +972 3 609 3206», — иануп ацхаражәҳәарҭа аҳәамҭа аҿы.