Израиль Ҕаза асектор агазла аиқәыршәара иаҟәыҵит
Израиль Ҕаза асектор агазла аиқәыршәара иаҟәыҵит

«Израиль Ҕаза асектор агазла аиқәыршәара иаҟәыҵит», — иҳәеит Израиль  аенергетика аминистр Ели Коен.

«Уажәааны сара зыҧшра ҟамҵакәа Ҕаза асектор афымцала аиқәыршәара аҟәыҵра иазку адҵа снапы аҵазҩит.  Ҳара атҟәацәа рырхынҳәразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит. Аибашьра ашьҭахь Ҳамас Ҕаза асектораҿ иҟамзароуп», — иҳәеит  Коен.

BBC адыррақәа рыла, Ҕаза асектор афымцала аиқәыршәара аҟәыҵра иазку аӡбара  ауааҧсыра аӡыржәтәла еиқәзыршәо анаплакқәа русура иаҧырхагахоит.