Иахьа ҳара Израиль ахьыҧшымра ашьақәыргылара инаркны 77 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит. Иахьа сара ацҳаражәҳәаҩ лаҳасабала аҵыхәтәантәи аусмҩаҧгатә мҩаҧызгоит, избанзар, аҧхынраз сзинмчқәа рыҿҳәара анынҵәалак, Израильҟа схынҳәуеит. Сара ихьанҭаӡоу аамҭазы стәылеи сыжәлари ирыдгылаз Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ҷыдала сраҭабууп, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Хадас Меицад Израиль Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз аусмҩаҧгатә аҿы. Иахьа ацҳаражәҳәарҭаҿы асас даҕь дырҭоуп — 482 мшы ирылагӡаны атеррористцәа рытҟәараҿы иҟаз Гади Мозес.
«Иахьа ҳара Израиль ахьыҧшымра ашьақәыргылара инаркны 77 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит. Ашықәс цыҧхьаӡа ҳара ҳзы аҵакы ҷыда амоуп, аха, сынтәа асас даҕь даҳҭоуп, ҧасатәи атҟәа Гади Мозес, атеррористцәа 482 мшы дҭакны дрыман. Сынтәа ажьырныҳәазы доурыжьҭит. Гади абра иҟазаара ҳақәгәырҕьоит, иара 43-нтә Қырҭтәыла даҭаахьеит. Акыршықәса ирылагӡаны араҟа аус иуан, ақырҭуа фермерцәа аус рыциуан. 58ҩык ауааҧсыра иахьагьы афатәи аӡи рымамкәа, ҲАМАС атҟәараҿы иҟоуп, дара махәҿалатәи апсихологиатәи амчылара ахгара рықәшәеит…», — илҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.