Израиль аиҳабыра Газа асектор аҿы ахымца аанкылареи атҟәацәа рхақәиҭтәреи рзы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит
Израиль аиҳабыра Газа асектор аҿы ахымца аанкылареи атҟәацәа рхақәиҭтәреи рзы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит

Израиль аиҳабыра Газа асектор аҿы ахымца аанкылареи атҟәацәа рхақәиҭтәреи рзы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит. ВВС аинформациа ала, ари аӡбамҭа рыдыркылеит кыраамҭа имҩаԥысуаз ахцәажәара ашьҭахт.  Ҩыџьа ультра-арӷьаратәи аминистрцәа ари аиқәшаҳаҭра иаҿагылеит.

Израили “Ҳамаси” аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит Катари, ЕАШ-и Мысреи рыбжьаҟазарала.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, актәи аетап аҿы “Ҳамас” Газа ааннакылаз 33-ҩык атҟәацәеи шәҩыла палестинатәи атҟәацәеи еиҭнырыԥсахуеит. Ари афаза фымчыбжь нагӡахоит. Израильтәи мчқәа Газа аиланхарҭақәа аанрыжьуеит, мчыла ихгоу палестина рхатә ҩнқәа рышҟа ахынҳәра алшара роуеит, есымша аидаратә машьынақәа Газа ашҟа агумантиартә аидара инаргоит;

Аҩбатәи афазаҿ егьырҭ атҟәацәа рхақәиҭтәра иазку аиҿцәажәарақәа мҩаԥгахоит – 16 мш;

Ахԥатәи, аҵыхәтәантәи афазаҿ Газа ареконструкциа иалагоит, ари афаза кырщықәса нагӡа́хар ҟалоит.

ВВС аинформациала, 2023 шықәса жьҭаара 7 рзы арратә кампаниа “Ҳамас” Израиль аганахьала имҩаԥнагаз апрецедент змамыз ажәылара иаҭакны, израильтәи аруаа Газа аганахьала ажәылара иалагеит. Жьҭаара 7 рзы иҭахеит 1200-ҩык, 251-ҩык рытҟәеит.

“Ҳамас” напхгара зызуа Агәабзиарахьчаратә министрра аинформациа ала, аибашьраа Газа иҭахеит 46 870-ҩык иреиҳаны. Анклав иқәынхоз 2.3 миллионҩык реиҳала ахҵәарарықәшәеит. Израиль адыррақәарыла, “Ҳамас” атҟәараҿы иҟоуп иҵегьы 94-ҩык ахҵәацәа, заанаҵтәи адыррақәа рыла, урҭ рҟынтә 34-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.