Израиль адепортациатә усбарҭаҿы иҟаз Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь ихынҳәит
Израиль адепортациатә усбарҭаҿы иҟаз Қырҭтәыла атәылауаа рыҧсадгьылахь ихынҳәит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аминистрра адыррақәа рыла, Қарҭ жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿы Қырҭтәыла атәылауаа дырҧылеит адәныҟатәи аусқәа рминистр лхаҭыҧуаҩ Алеқсандр Хвҭисиашвили.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа ишану ала, Израиль иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭа арежим ҷыдаҿ аусура нанагӡоит. Ацҳаражәҳәарҭаҿы аус ауеит Ацәаҳәа ҷыда.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟалаз ахҭысқәа рымшала, адгьылтә мҩа мацарала Израиль иқәҵхьеит 1 000ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа.