Иуане  Чхаиӡе  - Раҧхьаӡа акәны Ашықәс ҿыц азы Иашвили иклиникахь   апиротехника амшала ааха зауз хәыҷыкгьы днарымгеит, уи даараӡа ҳгәы иаахәеит
Иуане  Чхаиӡе  - Раҧхьаӡа акәны Ашықәс ҿыц азы Иашвили иклиникахь   апиротехника амшала ааха зауз хәыҷыкгьы днарымгеит, уи даараӡа ҳгәы иаахәеит

«Абри ашықәс ҷыдан, раҧхьаӡа акәны Ашықәс ҿыц азы Иашвили иклиникахь   апиротехника амшала ааха зауз хәыҷыкгьы днарымгеит», — иҳәеит Иашвили ихьӡ зху Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа хада амедицинатә директор Иуане Чхаиӡе.

Иуане  Чхаиӡе иҳәамҭала,  сынтәа ашықәсҿыцтәи аныҳәамшқәа ҷыдала имҩаҧысит.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы апиротехника иадҳәаланы изныкымкәа агәҽанҵара раҳҭахьеит,  аха,  Иашвили иклиникашҟа  еснагь ахәыҷқәа рацәа ааргон,  иуадаҩӡоу аахақәа рыман,  аоперациақәа рацәа мҩаҧаагон. Ишаҧу еиҧш,  ҧхынҷкәы 31  рзы абри аҩыза афактқәа ҷыдала ирацәан.  Сынтәатәи ашықәс ари аганахьала иҷыдан.  Апиротехника амшала Иашвили иклиникахь хәыҷыкгьы днарымгеит. Уи зыхҟьаз сызшәаҳәом,  аха,  агәыҕра ду сымоуп  ашықәсҿыцтәи аухаз аҭаацәа иаҳа ргәы рҽанызар ҟалап ҳәа. Ҳаҧхьаҟагьы убасҵәҟьа инагӡахап ҳәа ҳгәыҕуеит. Ашықәс ҿыц ҳгәырҕьаҵәа ҳаҧыларц азыҳәан ашәарҭадара еиқәыршәазароуп », — иҳәеит  Иуане  Чхаиӡе.