Италиа адәныҟатәи аминистр - Украина мраҭашәарантә ацхыраара амоур, Қырҭтәылеи Молдовеи егьырҭ атәылақәеи ашәарҭа ду иҭагылоит
Италиа адәныҟатәи аминистр - Украина мраҭашәарантә ацхыраара амоур, Қырҭтәылеи Молдовеи егьырҭ атәылақәеи ашәарҭа ду иҭагылоит

Украина мраҭашәарантә ацхыраара амоур, Қырҭтәылеи Молдовеи егьырҭ атәылақәеи ашәарҭа ду иҭагылоит, – иҳәеит Италиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Антонио Таиани Вашингтон, Ентони Блинкени иареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

Италиатәи адипломат Украина арбџьармчқәа рконтржәылара иазкны азҵаара изықәдыргылеит.

„Аконтржәылара аҭынчрахь ашьаҿа аҟаҵара аус ацхраауеит, ҳаззегьы аҭынчроуп иаҳҭахуп. Ҳара аҭынчра, адемократиа, ахақәиҭра ахьаҳҭаху аҟынтә ауп Украина ҳахьацхраауа. Украина мраҭашәарантә ацхыраара амоур, Қырҭтәылеи Молдовеи егьырҭ атәылақәеи ашәарҭа ду иҭагылоит”, – иҳәеит Антонио Таиани.