Исландиа ахада Қырҭтәылаҿ иофициалтә визит иалагеит
Исландиа ахада Қырҭтәылаҿ иофициалтә визит иалагеит

Исландиа ахада Гудни Иоҳаннесон Қырҭтәылаҿ иофициалтә визит иалагеит.

Исландиа ахада Гудни Иоҳаннесон иԥылара аофициалтә церемониаОрбелианиаа рхан аҿы мҩаԥысуеит.

Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Исландиа ахадеи Қырҭтәыла ахадеи ишиашоу аиԥылареи ирҭбаау аформат аҿы аиԥылареи мҩаԥыргоит, урҭ рышьҭахь ахадацәа аҳәамҭақәа еицыҟарҵоит.

Қырҭтәыла аофициалтә визитла даҭааит Исландиа ахада Гудни Иоҳаннесон. Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ Исландиа ахадеи аҳәынҭқарратә делегациеи ирԥылеит Қырҭтәыла ахада ладминистарциа аиҳабы Наҭиа Сулавеи Адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиавилии.  Гудни Иоҳаннесон Қырҭтәыла аԥыза-министри апарламент ахантәаҩы дырԥылоит.