Ирландиа апарламент аспикер - Ирландиаҟа ақырҭуаа раара иаҳзыфеидоуп, дара ҳекономикеи ҳуаажәларреи аҿиараҿы алагала ду ҟарҵоит
«Ҳара иахьа абра ҳаҟоуп аентузиазм дула ишәыдаагаларц Евроеидгыла алалара апроцессаҿ ҳадгылара ҕәҕәа, Евроеидгыла алахәызаара аҵыхәтәантәи 50 шықәса рыла ахырҳагара ду ҳзаанагеит», — иҳәеит Ирландиа апарламент аспикер Шон О’Фаррелл Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвилии иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.
«50 шықәса раҧхьа Ирландиа Евроеидгыла иалалеит, усҟан ҳҳәынҭқарра зегьы реиҳа иҕарын, иахьа Ирландиа — зегьы реиҳа ибеиу аҳәынҭқаррақәа иреиуп. Иахьа абра ҳаҟоуп Евроеидгыла Анаҧшратә миссиа аусушьа аабарцаз, ирландиатәи атәылауаҩратә експертцәа ари амиссиаҿы аус руеит импыҵахалоу шәҵакырадгьылқәа рҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи ацхрааразы. Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи иҟоу аимакқәа рҭыҧ ишықәҵатәу здыруеит. Ҳара ҳтәылагьы 800 шықәса рыҩныҵҟа импыҵахаланы иҟан. Сынтәа ҳара аҭынчратә еиқәшаҳаҭра адкылара инаркны 25 шықәса аҵра иазгәаҳҭоит.
Ирландиаҟа ақырҭуаа раара даараӡа иаҳзыфеидоуп, дара ҳекономикеи ҳуаажәларреи аҿиараҿы алагала ду ҟарҵоит. Евроеидгыла аҳәаақәа ирҭагӡаны шәара шәҟны аусеицура ҳақәгәыҕуеит», — иҳәеит Ирландиа апарламент аспикер.