Иркали Ӷарибашвили - Қырҭтәылеи Китаии астратегиатә партниорра рыбжьоуп, ари аҭоурыхтә аӡбара аҩтәылак рзы ихырҳагахоит
«Қырҭтәылеи Китаии астратегиатә партниорра рыбжьоуп, ари аҭоурыхтә аӡбара аҩтәылак рзы ихырҳагахоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иркали Ӷарибашвили Китаитәи ацентртә телехәаԥшра (CCTV) аексклиузивтә интервиу аҿы.
Иракли Ӷарибашвили Си Ӡинпин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Китаитәи жәлар рреспубликахь ааԥҳьаразы.
«Си Ӡинпин зеиԥшҟамлац ала ибзиоу, ихырҳагоу аиԥылара ҳаман. Сара уи раԥхьаӡа сиԥылеит. Даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәлит Китаитәи жәлар рреспубликахь ааԥҳьаразы. Қырҭтәылеи Китаии ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ашьҭыхразы аӡбара ҳадаҳкылеит. Ари аҭоурыхтә аӡбара аҩтәылак рзы ихырҳагахоит”,- иҳәеит аԥыза-минист.