IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,  Илиа II, Каха Калаӡеи, Гьаргь Гахариеи хазхаҭалатәи ареитинг аҿы аҧхьагылара рымоуп
 IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны,  Илиа II, Каха Калаӡеи, Гьаргь Гахариеи хазхаҭалатәи ареитинг аҿы аҧхьагылара рымоуп

Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт  (IRI) аҭҵаара ҿыцқәа инырқәыршәаны,  Илиа II, Каха Калаӡеи,  Гьаргь Гахариеи хазхаҭалатәи ареитинг аҿы аҧхьагылара рымоуп.

Атәыла ауааҧсыра рҟынтә  88% Апатриарх Илиа аҩбатәи дыргәаҧхоит,  7% дыргәаҧхом,  1% иӡбахәы рмаҳацт,  5% аҭак ҟарымҵеит.

Аҳҭнықалақь ахада Қаха Калаӡе дыргәаҧхоит  58%, 37% дыргәаҧхом,  1% иӡбахәы рмаҳацт,   4%  аҭак ҟарымҵеит.

Апартиа «Қырҭтәыла адгыларазы» ахантәаҩи ҧасатәи аҧыза-министри Гьаргь Гахариа  56% ареспондентцәа дыргәаҧхоит,  39% дыргәаҧхом.

Аҧшьбатәи аҭыҧ ааникылоит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Ахәбатәи аҭыҧ аҿы дгылоуп  апартиа  «Иаку амилаҭтә ҵысра» ахантәаҩы Ника Мелиа.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили ареитинг аҿы аабатәи аҭыҧ аанылкылоит.