IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа анеҩстәи амчыбжь азы имҩаҧысуазҭгьы, 26% ареспондентцәа «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылон, 14% - "Иаку амилаҭтә ҵысра", 9% - апартиа "Қырҭтәыла адгыларазы"
IRI аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа анеҩстәи амчыбжь азы имҩаҧысуазҭгьы, 26% ареспондентцәа «Ақырҭуа гәахәтәы» иадгылон, 14% – “Иаку амилаҭтә ҵысра”, 9% – апартиа “Қырҭтәыла адгыларазы”
Аҭыҧантәи ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа анеҩстәи амчыбжь азы имҩаҧысуазҭгьы, зегьы раасҭа ирацәаны абыжьқәа роуан 3 партиак: «Ақырҭуа гәахәтәи», «Иаку амилаҭтә ҵысреи» и «Қырҭтәыла адгыларазы». Иахьа, Америка Жәларбжьаратәи ареспубликатә институт (IRI) ицәырнагеит ажәлар ргәаанагара аҭҵаара алҵшәақәа.
Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа абас ауп ишыҟоу: «Ақырҭуа гәахәтәы» — 26%; «Амилаҭтә ҵысра» — 14%; «Қырҭтәыла адгыларазы» (Гьаргь Гахариа ипартиа) — 9%; «Алеибористтә партиа» — 3%; «Гирчи » — 2%; «Аҕмашенебели истратегиа» — 2%; «Лело» — 2%; «Апатриотцәа ралианс» — 2%; «Атәылауаа» — 2%; «Амилаҭ» — 1%; «Европатәи Қырҭтәыла» — 1%.
Аҭҵаарақәа мҩаҧган рашәара 15 инаркны 30-нӡа.
Қырҭтәыла аҭыҧантәи алхрақәа мҩаҧысуеит жьҭаара 2 рзы.