IRI аҭҵаара – Украина ацхраара аганахьала, Қырҭтәыла – Польшеи, Британиа Дуи, Америкеи ирывагыланы,  аҧхьагылара змоу  ҧшь-тәылак  иреиуп
IRI аҭҵаара – Украина ацхраара аганахьала, Қырҭтәыла – Польшеи, Британиа Дуи, Америкеи ирывагыланы,  аҧхьагылара змоу  ҧшь-тәылак  иреиуп

Америка амилаҭтә демократиатә институт  (IRI) имҩаҧнагаз аҭҵаара инақәыршәаны, урыстәылатәи агрессиа аан Украина ацхраара аганахьала, Қырҭтәыла – Польшеи, Британиа Дуи, Америкеи ирывагыланы,  аҧхьагылара змоу  ҧшь-тәылак  иреиуп.

Шәгәаанагарала, урыстәылатәи агрессиа аан иарбан тәылақәоу зегьы раасҭа Украина иацхраауа ҳәа иқәыргылаз азҵааразы ареспондентцәа  67% Польша ахьӡ рҳәеит,  56% — Британиа Ду, 54% — Америка, 17% — Қырҭтәыла, 8% — Канада,  7% — Румынтәылеи Франциеи,  4% — Литва.

IRI аҭҵаара Украина зехьынџьара имҩаҧган хәажәкыра  30 инаркны мшаҧы 12 нӡа  (импыҵахалоу Ҟрыми, Донецктәии Лугансктәии атәылаҿацәқәеи рыда).

IRI аҭҵаарақәа ирызкны иацы агентра  «Интерпрессниус» аинтервиу алҭеит Украина Иреиҳаӡоу Рада адепутат Иулиа  Овчинникова.  Лара ишылҳәаз ала, уажәааны Украина иаҭааиз Қырҭтәыла аиҳабыра алахәылацәа Украина иазаадырҧшыз адгыларазы драҭабууп.

«Зыӡбахәы ҳәоу аҭҵаара ибзиаҵәҟьаны аанарҧшуит аукраин жәлар Қырҭтәыла агәра шырго», — илҳәеит Иулиа Овчинникова.