Ирӡыцу Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аофициалла аадырит.
Ацеремониа рзы аладырхәит Қырҭтәыла Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии, Аинфраструктуреи арегионалтә аҿиареи рминистр Иаркли Қарселаӡеи, аҭыԥантәи халанапхгараҭаратә мчра ахаҭарнакҵәеи.
Аофициалтә дыррақәа рыла, Давид Аӷмашенебели ихьӡ зху Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ажәтә терминал аҵакырадгьыл 4800 м2 иаҟаран, арҭбаара ашьҭахь уи 30000м2 иаҟарахеит.
Атерминал ҿыц иабзоураны, апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара шықәсык ала ҩмиллионки бжаки иаҟарахоит.
Атерминал арҿыцразы ианырхит 35 миллион америкатәи адоллар (110 млн лари).