Ирантәи АИХқәа - Тегеран аганахь Израиль имҩаҧнагаз ажәылақәа раан 78ҩык ҭахеит, 329ҩык ахәрақәа роуит
Ирантәи АИХқәа – Тегеран аганахь Израиль имҩаҧнагаз ажәылақәа раан 78ҩык ҭахеит, 329ҩык ахәрақәа роуит.
Атәылаҿы аиқәырхаратә усурақәа мҩаҧысуеит. Иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара иацлар ауеит.
Иран Израиль иахаранаҵеит анхарҭатә раионқәа абомбақәа рылажьра. Иара убас, ирантәи АИХқәа ишьақәдырҕәҕәеит Исламтәи ареволиуциа ахьчаҩцәа ркорпус Арратә аҳаиртә мчқәа рнапхгаҩы, аинрал Али Хаџьизаде израильтәи аахара аан дышҭахаз.
Иран апарламент аспикер Моҳаммад Багер Галибаф ишиҳәаз ала, Иран Израиль излагаз аҭоурых аҵыхәа ҧнаҵәоит.