Иран ахада Масуд Пезешкиан аофициалтә визитла Азербаиџьан даҭааит.
Заанаҵтәи аинформациа ала, Иран ахада ицу аделегациа иалоуп 120ҩык – хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәеи, Иран-Азербаиџьан апарламентбжьаратә аиҩызаратә гәыҧ алахәылацәеи, иара убас, Иран аҩада-мраҭашәаратә провинциақәа ргубернаторцәеи.
Авизит хықәкыс иамоуп ҩ-тәылак рыбжьара аекономикатә усеицура арҭбаареи, хазхаҭалатәи асектор ахаҭарнакцәа рвизитқәа рпланшьҭыхреи. Хшыҩзышьҭра ҷыда азыруеит Агбенд-Калал ацҳа аартра, уи ҩ-ганктәи ахәаахәҭра арҭбааразы зҵакы дуу аинфраструктуратә елементхоит.
Уаанӡа Иран ацҳаражәҳәарҭа ишаанаҵҳаз ала, авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуеит аазербаиџьан-ирантәи абизнесфорум. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым адокументқәа рнапы рыҵарҩуеит.