Иракли Қарқашаӡе - Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазеи Абу Дабии рыбжьара ишиашоу ареисқәа мчыбжьык ахь жәынтә мҩаԥгахоит
Иракли Қарқашаӡе - Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазеи Абу Дабии рыбжьара ишиашоу ареисқәа мчыбжьык ахь жәынтә мҩаԥгахоит

Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аинформациа ала, Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазеи Абу Дабии рыбжьара аԥхынтәи анавигациатә сезон азы ишиашоу ареисқәа мчыбжьык ахь жәынтә  мҩаԥгахоит.

Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз, иахьазы Қәҭешьтәи аҳаирбаӷәазеи Абу Дабии рыбжьара ишиашоу ареисқәа есымша нагӡоит. Авиаеиалхәыра Wizz Air ареисқәа рхыԥхьаӡара жәба рҟынӡа ацнаҵеит.

Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара адиректор Иракли Қарқашаӡе иажәақәа рыла, ареисқәа рхыԥхьаӡара ацҵара апассаџьырцәа 30%-тәи рызҳара иадҳәалоуп.

Қырҭтәыла аҳаирбаӷәазақәа реидҵара аинформациа ала, 2022 шықәса нанҳәа азы Қәҭешь,апроект Let’s get lost with Wizz аҳәаақәа ирҭагӡаны атәыла иаҭааз аблогерцәеи аинфлуенсерцәеи асоциалтә каҭақәа рҿы аладырҵәаз аконтент 26-ҩык ирбехьеит.