“Бук” асистема Қырҭтәыла 2008 шықәсанӡа, 2007 шықәсазы аанахәуеит, ари асистемазы аԥара ҳшәеит. Ааҳхәеит, ҳамҭас ҳарымҭеит, – иҳәеит апарламент апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет ахантәаҩы Иракли Қадагишвили.
Қадагишвили Қырҭтәыла иҟоу Украина аамҭалатәи ахаҭарнак Андреи Касианов истатиа дахцәажәеит, астатиаҿ ишану ала: “Украина 2088 шықәсазы Қырҭтәыла анаҭаз “Бук” асистемеи ЕАШ аҟынтә Қырҭтәыла аиуиз “Џьавелинқәеи” рырхынҳәра аҳәеит.
Апарламент апроцедуратә зҵаарақәа ркомитет ахантәаҩы иажәақәа рыла, Касианов аршанхаратә ҳәамҭа ҟаиҵеит.
“Касианов аршанхаратә ҳәамҭа ҟаиҵеит. Адипломат абри еиԥш аҳәамҭа аихала изыҟаиҵом, иҳәынҭқаррантә адҵа иоуит. Ҳара акымкәа аказусқәа ҳамоуп”Бук” асистема Қырҭтәыла 2008 шықәсанӡа, 2007 шықәсазы аанахәуеит, ари асистемазы аԥара ҳшәеит. Ааҳхәеит, ҳамҭас ҳарымҭеит. “Џьавелинқәа” раахәаразы Қырҭтәыла абиуџьет аҟынтә аԥара алхын. Ари 2008 шықәсазы аҭыԥ змаз аибашьра иадҳәалам”, – иҳәеит Қадагишвили.
Қырҭтәыла атәылахьчара аминистрра “Бук” аҳауатә хыхьчаратә системақәеи “Џьавелинқәеи” ирызкны аҳәамҭа аланарҵәеит. Аминистрра аинформациа ала, Украина Қырҭтәыла ҳамҭас “Бук” ахауатә хыхьчаратә система анаҭеит ҳәа адырра ииашам. Аусҳәарҭа аҟынтә ишаарыцҳаз ала, 2017 шықәсазы ирацәны амиллион доллар иршәеит ЕАШ атанкҭархагатә система “Џьавелин” анаархәаз.