Иракли Қадагишвили -  Аоппозицаа шаҟа имаҷны апроцесс иаҧырхагахо аҟара, атәыла мацара акәымкәа, дара рхаҭагьы ирзеиҕьхоит
Иракли Қадагишвили -  Аоппозицаа шаҟа имаҷны апроцесс иаҧырхагахо аҟара, атәыла мацара акәымкәа, дара рхаҭагьы ирзеиҕьхоит

«Апарламент ахантәаҩы аоппозициатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит 12 абжьагарақәа рынагӡара аан апатриотизм аадырҧшырц, дара рзы уи ультиматумуп,  аха, аҵыхәтәантәи аамҭазы аоппозициаа иҟарҵоз зегьы аультиматуми асаботажи абоикоти  акәӡамзи?», — иҳәеит апроцедуратә зҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Иракли Қадагишвили.

Қадагишвили ишазгәеиҭаз ала,  аоппозицаа шаҟа имаҷны апроцесс иаҧырхагахо аҟара, атәыла мацара акәымкәа, дара рхаҭагьы ирзеиҕьхоит.

«Уажәы апроцесс рхы аладырхәоит ҳәа рҳәеит. Аҧхынра зегьы аусуратә гәыҧқәа русура иалахәымызт. Уажәы аусуратә гәыҧқәа рҿы аусура иақәшаҳаҭхеит, аха, уи акгьы алымҵит ҳәа рҳәар рҭахуп.    Жәлар рыхьчаҩ иалхразы иҟаҵаз азгәаҭарақәа зегьы иазҧхьагәаҭоуп.  Рпретензиақәа нҵәом. Аха, дара ирдыруазароуп ҵыхәҧҵәара змам апретензиақәа рыла аконсенсус шыҟамло. Дара, атәыла анапхгара рҧырхагахара акәымкәа,  Қырҭтәыла аинтересқәа ирызхәыцроуп», — иҳәеит Қадагишвили.