Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа аӡбаҩ аднакыаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Қырҭәыла ԥасатәи Атәылахьчара аминистр Иракли Оқруашвили аӡбарҭа ауадаҿ даанкылан.
Мшаԥы 8 рзы Қарҭтәи ақалақьтә аӡбарҭа Қырҭәыла ԥасатәи Атәылахьчара аминистр Иракли Оқруашвили апарламенттә аамҭалатәи аусԥшааратә комиссиа аилатәарашҟа дахьымнеиз, ашас ԥара аҳасабала 20 000 лари иқәнаҵеит.