Иракли Надираӡе - "Амилаҭтә ҵысра" арегионтә лидерцәеи ҳареи апартиаҿ ахантәаҩ ҿыц иалцрақәа рымҩаԥгара идҵаны иқәҳаргылоит
“Амилаҭтә ҵысра” арегионтә лидерцәеи ҳареи апартиаҿ ахантәаҩ ҿыц иалцрақәа рымҩаԥгара идҵаны иқәҳаргылоит, – иҳәеит “Амилаҭтә ҵысра2 алахәыла Иракли Надираӡе имҩаԥгаз абрифинг аҿы.
Надираӡе ишааицҳаз, “Амилаҭтә ҵысра” ахантәаҩы гәыҟ ала изыҟоу, апатриорт алхыҩцәа рлегитимациа имазароуп, аенергиа ҿыцла, аплан ҿыцла атәла ахақәиҭразы ақәԥара наигӡароуп.
“Михеил Саакашвили ихақәиҭтәра, ари атәыла ахақәиҭтәра, аолигарц даҵахар ҳҭахызар, амч ҿыцқәа, аенергиа ҿыц, аентузиазм ҿыц ала ақәԥара наҳагӡароуп”, – иҳәеит Иракли Надираӡе