Иракли Кобихиӡе - Тҟибули иахьа аҭагылазаашьа 20-30 шықәса раԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа аҵкьыс еиӷьуп
Иракли Кобихиӡе - Тҟибули иахьа аҭагылазаашьа 20-30 шықәса раԥхьа иҟаз аҭагылазаашьа аҵкьыс еиӷьуп

Тҟибули – ҳтәылаҿ  иалукааша қалақьуп, раԥхьаӡа иргыланы ари ара иқәынхо иалукааша ауааԥсыра ирыбзоуроуп,  – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Тҟибули ақалақьи ашахтиорцәеи рымш инамашаны имҩаԥгаз ауснаӡӷатә аҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аиҳабыра Тҟибули инарыгӡо аурбантә арҿыцра апроект иаабзоураны ари ақалақь атәылаҿ аҭыԥ ҷыда ааннакылоит.

“Иахьа Тҟибули даараӡа иԥшӡоуп, ари Аинфраструктуратә министрра инанагӡаз апроект иабзоуроуп. Ишәыдысныҳәалоит”, – иҳәеит Кобахиӡе.