Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла Аисламтә республика ацҳаражәҳәаҩ Маҳмуд Адиб диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла Аисламтә республика ацҳаражәҳәаҩ Маҳмуд Адиб диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Џьамтәыла Аисламтә республика ацҳаражәҳәаҩ Маҳмуд Адиб диҧылеит, – аарыцҳаит Аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Аусҳәарҭа аинформациала, аибадырратә ҟазшьа змаз аиҧылараҿы  Қырҭтәылеи Џьамтәылеи ҩ-ганктәи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит.

Иара убас, арегионаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәагьы ирзааҭгылеит. Иаҵшьны иазгәаҭан аҭынчреи аҭышәынтәалареи  аҵакы ҷыда.